Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа ргәаладыршәеит

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәарҭоит цәыббра 30 рзы. Абри аҽны 1993 шықәсазы Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәын.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 30– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны иҭахаз аҵеицәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит ахаша ашьыжь, цәыббра 30 рзы.

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәарц Ахьӡ-аԥша абаҳчахь иааит аибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, еиуеиԥшым аусбарҭақәа русзуҩцәа, Аҟәа ауааԥсыра. Ацеремониа иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Апарламент ахантәаҩы Валери Кәарҷиа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, аминистррақәеи аҳәынҭқарратә еилакқәеи рнапхгаҩцәа.

Арахь иааит иара убас Аахыҵ Уаԥстәылеи, Чечентәылеи, Ҟабарда-Баокариеи, Адыгатәылеи, Урыстәыла егьырҭ арегионқәеи уҳәа  рҟынтә 1992 шықәсазы хатәгәаԥхарала Аԥсны ахьчаразы игылаз аибашьцәа.

Сынтәа акоронавирус апандемиа иахҟьаны Аиааира амш иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа акыр иркьаҿхоит. Итрадициатәу Аиааира апарад аҟәыхуп, убас иаԥыхуп еиҭа акык-ҩбак аусмҩаԥгатәқәа. Аха ус шакәугьы иҭахаз аҵеицәа рбаҟақәы рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониақәа мҩаԥысуеит, иара убас ашәҭқәа шьҭарҵоит Ешыра, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟеи, Џьгьарда - аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟеи рымҵан.

Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа ргәаладыршәеит

Ахәылбыҽха асааҭ 18:00 рзы Аҟәа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы имҩԥысуеит арҿиаратә коллективқәеи аестрада шәаҳәаҩцәеи злахәу аныҳәатә концерт.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: