Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла иаарԥшу акоронавирустә хҭысқәа 70 инареиҳауп

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа иаарԥшу акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара 1458 ыҟоуп. Ргәы бзиахахьеит 530-ҩык, жәеизаҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Аԥсны иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара даҽа 71-ы рыла еиҳахеит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа амазааразы игәаҭан 289-ҩык атәылауаа, урҭ рахьтә адиагноз COVID-19 рзышьақәыргылан 71-ы", - ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 138-а апациентцәа, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп 132-ҩык, рҭагылазаашьа хьанҭоуп 12-ҩык, ибжьаратәуп 29-ҩык. Илҩаауп 12-ҩык апациентцәа. Аҩны зҽыԥхьакны итәаз рахьтә ргәы бзиахеит 25-ҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>