Аиааира амш аҽны ҳбаталион, атанкистцәа, Егры ацҳаҿы агьежьқәа былуа аашаанӡа ацҳа аԥхьа ҳтәан, ҳәа лгәалалыршәоит аветеран.
"Аибашьра амш иацу агәалашәрақәа хьанҭоуп. Зегь реиҳа угәы ҿызкаауа аԥсыҭбара рацәаны иахьыҟаз ауп. Зны-зынла аҷкәынцәа шьны ианааргалак иаашанӡа аҩныҟа иҳашьҭӡомызт ирыцҳашьаны рҭаацәа, аҷкәынзаҵәқәа ахьрылԥсаауаз, ҳаидтәалан зегьы ҳҵәыуан, анаҩс ҳгәы ҳаԥсахырцаз ашәақәа ҳҳәон, аԥсҭазааара ԥхьаҟа ацҵаразы алшара ҳнаҭон", - ҳәа еиҭалҳәеит аветеран.
Чхебелиаԥҳа лажәақәа рыла, Аҟәа ахы ианақәиҭтәха ашьҭахь еилкаан аиааира аԥсуа жәлар ишыртәыз, аха уи ашьҭахь еиҭа еибашьтәын.
"Аминистрцәа рхеилак ахыбра абылра ианаҿыз, убра агәра згеит Аиааира шаҳгаз. Аха ҳаԥхьаҟа еиҭа амҩа рацәан, иҟалоз ҳаздыруамызт. Амза 27 нахыс Егры ҳнеиаанӡа иҭахаз аҷкәынцәа рацәоуп, ахәрақәа заузгьы маҷым. Сара сзы амза 30 рзоуп аибашьраҿы акәаԥ аныргылаз", - ҳәа еиҭалҳәеит Чхебелиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Мышкы ииз мышкы дыԥсуеит…" – аибашьра жәлар рытрадициа ишаныԥшыз
Ҳашба Аиааира амшныҳәа азгәаҭаразы: имыӡроуп, абашьҭрала ицалароуп