Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чхебелиаԥҳа: амза 27 нахысгьы Егры ҳнеиаанӡа иҭахаз аҷкәынцәа рацәоуп

© Foto / предоставлено Аидой ЧхебелияАида Чхебелия
Аида Чхебелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Агәымшәаразы амедал занашьоу Аида Чхебелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аиааира амш дахьаԥылаз, насгьы уи иацыз ахьаа атәы.
Афырхацәа рымҩала: аветеран Чхебелиаԥҳа Аиааира амш азы

Аиааира амш аҽны ҳбаталион, атанкистцәа, Егры ацҳаҿы агьежьқәа былуа аашаанӡа ацҳа аԥхьа ҳтәан, ҳәа лгәалалыршәоит аветеран.

"Аибашьра амш иацу агәалашәрақәа хьанҭоуп. Зегь реиҳа угәы ҿызкаауа аԥсыҭбара рацәаны иахьыҟаз ауп. Зны-зынла аҷкәынцәа шьны ианааргалак иаашанӡа аҩныҟа иҳашьҭӡомызт ирыцҳашьаны рҭаацәа, аҷкәынзаҵәқәа ахьрылԥсаауаз, ҳаидтәалан зегьы ҳҵәыуан, анаҩс ҳгәы ҳаԥсахырцаз ашәақәа ҳҳәон, аԥсҭазааара ԥхьаҟа ацҵаразы алшара ҳнаҭон", - ҳәа еиҭалҳәеит аветеран.

Чхебелиаԥҳа лажәақәа рыла, Аҟәа ахы ианақәиҭтәха ашьҭахь еилкаан аиааира аԥсуа жәлар ишыртәыз, аха уи ашьҭахь еиҭа еибашьтәын.

"Аминистрцәа рхеилак ахыбра абылра ианаҿыз, убра агәра згеит Аиааира шаҳгаз. Аха ҳаԥхьаҟа еиҭа амҩа рацәан, иҟалоз ҳаздыруамызт. Амза 27 нахыс Егры ҳнеиаанӡа иҭахаз аҷкәынцәа рацәоуп, ахәрақәа заузгьы маҷым. Сара сзы амза 30 рзоуп аибашьраҿы акәаԥ аныргылаз", - ҳәа еиҭалҳәеит Чхебелиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0