Аслан Бжьаниа зыдунеи зыԥсахыз Џьамалеҭҭин Арӡынба иҭынхацәа дрыдышшылеит

Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак Џьамалеҭҭин Арӡынба Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы ибжьы рықәиргон, изныкымкәа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь даахьан, иуаажәлар рҿы аҳаҭыр дуӡӡа иқәын.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада дрыдышшылеит зыԥсҭазаара иалҵыз иналукааша ауаажәларратә усзуҩ, апатриот Џьамалеҭтин Арӡынба иҭынхацәа.

Гәыла-ԥсыла Аԥсны иамадаз: Џьамалеҭҭин Арӡынба игәалашәара иазкны

"Аԥсны гәалсра дула ирыдыркылеит еицырдыруа аԥсуа жәлар рхаҭарнак Џьамалеҭҭин Арӡынба иԥсҭазаара далҵит ҳәа Ҭырқәтәылантәи иааҩыз ажәабжь. Ауаҩы лаша, зыԥсадгьыл абзиабара зыԥсҭазаара зегьы иалызгаз, уи ахьаа зхьааз, уаҵәтәи аԥеиԥш иазхәыцуаз апатриот, аҳақьым ду иԥсра цәыӡ дууп ҳмилаҭ рзы. Џьамалеҭҭин Арӡынба лассы-лассы даҭаауан иабацәа рыдгьыл, иҟәыӷареи иаамысҭашәареи ирыбзоураны аԥсуа жәлар ирзынижьит игәыбылра", - ҳәа аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.

Аслан Бжьаниа Аԥсны анапхгара рыхьӡала дрыдышшылеит Џьамалеҭҭин Арӡынба иҭынхацәеи, иҩызцәеи, Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар зегьы.

Џьамалеҭҭин Арӡынба занааҭла дҳақьымын, дыԥҟаҩын. Тәанчара дцаанӡа аус иуан Сҭампыл иреиҳаӡоу ахәышәтәырҭақәа руак аҟны. Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы ибжьы рықәиргон, изныкымкәа арахь даахьан. Идунеи иԥсахит 88 шықәса дшырҭагылаз. Анышә дамардеит Ҭырқәтәыла, Дузџьа иахьаҵанакуа.