COVID-19 зцәа иалаз даҽа пациентк иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зланы иаадырԥшхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 1525-ҩык ыҟоуп. Ргәы бзиахеит 558-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 12-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 1 – Sputnik. Акоронавирус зцәа иалаз 1946 шықәсазы ииз апациент Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 1 азы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Апациент Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада ареанимациатә ҟәшахьы дааргеит цәыббра 30 рзы, аԥсыԥлагаҩагара даара ицәыуадаҩны, аҳауа изхомызт, ахәышәтәырҭаҿы даиаанӡа иҿиаз аполисегментартә субтоталтә гәаҵәкра иахҟьаны. Ахаҵа ирыԥҳақәа аҳауаҭарсга аппарат рзышьақәдыргылеит, аха имҩаԥыргоз атерапиа имыхәакәа жьҭаара 1 ашьыжь иԥсҭазаара далҵит, иԥсыԥлагаҩагара аҽахьаруадаҩызи игәеисра ахьыԥсыҽхази иахҟьаны. Апациент илаҽны иҟаз агәачымазарақәа иман.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоровирустә инфекциа рылоу ирыламу азы агәаҭарақәа ирхысит 243-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәыргылоуп 67-ҩык.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 146-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 123-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 17-ҩык, ибжьаратәуп - 47-ҩык, илҩаауп ааҩык апациентцәа. Аҩны зҽыԥхьакны иҟаз рахьтә 20-ҩык ргәы бзиахеит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>