Sputnik апресс-центр аҟны еиҭарҳәоит аԥсуаа рҿы аӡахәааӡара аҭоурых

Жьҭаара 2 асааҭ 14:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥгахоит Фарид Кәабахьиеи Николаи Ачбеи рышәҟәы "Ажәытәан аԥсуаа рҟны аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи" иазку апресс-конференциа.
Sputnik

Апресс-конференциа иалахәуп:

  • Фарид Кәабахьиа – аҭоурыхдырыҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт анаукатә усзуҩ;
  • Николаи Ачба – "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада.

Амассатә-информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16, абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5-тәи аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +7(940) 926 00 00

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: info.abk@sputniknews.com

Иара убасгьы шәара ишәылшоит апресс-конференциа алахәылацәа зинтерес шәымоу азҵаарақәа рышәҭарц Sputnik Аԥсны асоциалтә ҳа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы мамзаргьы аелектронтә ԥошьҭахь инашьҭны: info.abk@sputniknews.com