АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа азы Урыстәыла, Америка, Франциа рхадацәа аҳәамҭа еицыҟарҵоит ҳәа. Абри азы адырра ҟаиҵеит ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
Песков иажәақәа рыла, аилацәажәараҿы агәҭынчымра аарԥшын Ашьха Ҟарабах имҩаԥысуа азы.
"Ҷыдала азхьаԥшра аҭан аинырратә цәаҳәаҿы ицо аидысларақәа рызҵаара",- иҳәеит Песков.
Ашьха Ҟарабах еиҭахгьы бџьаршьҭыхрала еиҿагылеит ииасыз амчыбжь азы. Бақәеи Еревани дара-дара ахара рыдибаҵоит. Аибашьратә ҭагылазаашьеи амобилизациеи рыларҳәеит Ермантәыла. Бақәа акәзар, амобилизациа ахәҭакахьала ирылаҳәоуп, акоменданттә сааҭ аус ауеит.
Аганқәа рыҩбагьы рдыррақәа рыла, аԥсыҭбарақәа ыҟоуп аруаа рганахь аиԥш аҭынчуааԥсыра рганахь алагьы, аха макьаназы заҟаҩ ыҟаҵәҟьоу шьақәыргылам. Ермантәылеи Азербаиџьани дасу ринформациақәа хаз-хазуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: