Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Ашьха Ҟарабах азы ааԥхьара ҟанаҵеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Государственной Думы РФ на улице Охотный ряд в Москве
Здание Государственной Думы РФ на улице Охотный ряд в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Ашьха Ҟарабах азы ааԥхьара рзынашьҭхоит Урыстәыла ахадеи аиҳабыреи, Азербаиџьани Ермантәылеи рпарламентқәа, ОБСЕ Минсктәи агәыԥ аицхантәаҩцәа, Европа Апарламенттә ассамблеиа ахеилаки егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи.

АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Ашьха Ҟарабах азы ааԥхьарыла ақәҵара аднакылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аҳәынҭқарратә Дума ааԥхьара ҟанаҵоит амца аанкылазарц ԥхьаҟазы иҟалар зылшо аԥсыҭбарақәа алмыршахарц, арегион аҿы мҽхакыҭбаалатәи аибашьра ҟамларазы. Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа аганқәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит аиҿцәажәаратә процесс иазыхынҳәырц, аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы абжьаҟазара иазыхиоуп", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Адепутатцәа рааԥхьараҿы агәҭынчымра аадырԥшуеит Ашьха-Ҟарабахтә еимакы азонаҿы иаалырҟьаны аибарххара аҭыԥ ахьаиуз азы, ацәшәара рымоуп аԥсыҭбарақәа ҟалоит ҳәа, амч ахархәара иақәыӡбоит.

Ситуация в зоне карабахского конфликта - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьазы ааԥхьара ҟанаҵеит

"Ақәҵара бжьеицҿакрыла ирыдыркылеит. Леонид Иван-иԥа (Калашников, ИАР атәылақәа рзы аилак аиҳабы), ҳшәыҳәоит Ермантәылеи Азербаиџьани рпарламентқәа рҟынтәи ҳколлегацәа ҳаӡбамҭа дшәырдырырц, инаҵшьны иазгәашәҭарц ҳара иарбанызаалак аимак адипломатиатә мҩала аҭыԥ ақәҵара ҳшадгылаҩцәоу", - иҳәеит Аҳәынҭдума ахантәаҩы Виачеслав Володин апленартә еилатәараҿы.

Цәыббра 27 ашьыжь Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Ермантәыла Арбџьармчқәа Ҟарабах аинырратә цәаҳәала иҟоу анхарҭақәа ирылахысит ҳәа. Дара урҭ адыррақәа рыла, атәылауаа рыбжьара иҭахаз ыҟоуп. Ермантәыла Арбџьармчқәа ишырҳәаз ала, Ҟарабах "аҳауантәи аракетақәа рыла иажәлеит". Ереван ирҳәеит Бақәа "ҳажәло иалагеит" ҳәа, ҟарабахтәи ахырхарҭала. Иазхаҵам Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспубликаҿы адырра ҟарҵеит, артиллериала ишреихсыз аҭынч уааԥсыра рынхарҭақәа, аҳҭнықалақь Степанакертгьы уахь иналаҵаны. Аиҳабыра ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵеит рҽыԥхьаркырц, уи ашьҭахь Ҟарабах аибашьратә ҭагылазаашьеи амобилизациеи рыларҳәеит. Аибашьратә ҭагылазаашьеи амобилизациеи рыларҳәеит иара убас Ермантәылагьы. Бақәа акәзар, амобилизациа аҭахны иҟам рҳәеит, ҳар зегь рыла еиқәшәоуп ҳәа.

Азербаиџьан ахада Ильхам Алиев ареспублика ақалақьқәаки арегионқәаки рҿы арратә ҭагылазаашьеи ареспубликаҿы акоменданттә сааҭи шалагалоу атәы иҳәеит. Иара убасгьы ахәҭаклатәи амобилизациа рылеиҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0