2020 шықәса рзы "Иаку абилеҭ" рхы иадырхәеит зықьҩык инарзынаԥшуа ауаа

"Иаку абилеҭ" ала Аԥсны ақалақьқәа хәба - Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Гагра, Пицунда, Аҟәа - рахь аара хацыркын нанҳәа 5 рзы, ихыркәшахеит цәыббра 30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 2 – Sputnik. "Иаку абилеҭ" ала Урыстәылантәи Аԥсныҟа иааит 1100-ҩык инареиҳаны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит "Иаку атранспорттә дирекциа" апресс-маӡаныҟәгаҩ Викториа Шестакова.

"Сынтәатәи акурорттә сезон аан "Иаку атранспорттә дирекциа" уаанӡатәи аусура аԥышәа анализ азуны транспортк аҟынтәи даҽа транспортк ахь аиасра еиҳа иарманшәалеит. Уи апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара 10% рыла еизнарҳаит 2019 шықәса иаҿырԥшны", - ҳәа лҳәеит лара.

Викториа Шестакова иазгәалҭеит ахәԥсақәа сынтәа 2019 шықәса иаҿырԥшны ишеиҭакмыз.

"Ахәԥсақәа еиҭаҳамкит. "Иаку абилеҭ" ала аныҟәара апассаџьырцәа рзы еиҳа иманшәалан", - ҳәа лҳәеит Шестакова.

"Иаку абилеҭ" ааухәар ауеит Урыстәыла аҳаиртә ма адәыӷбатә кассақәа рҿы, РЖД асаит аҿы, аҳаиртә билеҭқәа раахәараз Атранспорттә клирингтә палата апорталқәа рҿы, иара убасгьы Аԥсны аихамҩатә кассақәа рҿы.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара еиҭашьақәыргылахоит

Шәача аҳаиртә баӷәаза ма Адлер аихамҩатә станциаҟынтәи Аԥсны ақалақьқәа хәба - Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Гагра, Пицунда, Аҟәа - рахь аара алшоит. Иара убас шьҭахьтәи ареисқәагьы мҩаԥгахоит.

Автобусқәа Шәача аҳаиртә баӷәазеи аихамҩатә вокзали рҟынтәи асааҭ 0:00 инаркны асааҭ 21 рҟынӡа иныҟәон. Рсиа аилкаара алшон Урыстәылатәи аихамҩа асаит аҟны.

"Иаку абилеҭ" ахәԥсақәа:

"Шәача – Гагра" - 380 мааҭ, "Шәача - Пицунда" - 420 мааҭ, "Шәача - Гәдоуҭа" - 460 мааҭ, "Шәача - Афон ҿыц" - 520 мааҭ, "Шәача - Аҟәа" - 560 мааҭ. Иара убри аҟара иаԥсоуп шьҭахьҟа агьежьрагьы.

Хәышықәса рҟынӡа зхыҵуа, аиҳабацәа зцу ахәыҷқәа хәыда-ԥсада имҩаныргоит. Ахархәара зҭам абилеҭ архынҳәра алшоит автобус шьҭахьҟа ахынҳәра 12 сааҭ шагу, апассаџьыр иршәахоит 61 мааҭи 60 копеики.

"Иаку абилеҭ" ахархәара ҟалоит Урыстәыла иарбанзаалак ақалақь аҟынтә Аԥсныҟа аараани ахынҳәраани.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: