Арадио

Кәабахьиа аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи ирызку ашәҟәы ҿыц азы: аԥсуа доуҳа аныԥшуеит

Аҭоурыхҭҵааҩы, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Фарид Кәабахьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи ирызку ашәҟәы аҭыжьразы ахшыҩҵак шцәырҵыз, аматериалқәа реизгара, аус рыдулара шцоз атәы.
Sputnik
Кәабахьиа аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи ирызку ашәҟәы ҿыц азы: аԥсуа доуҳа аныԥшуеит

"Ажәытәан аԥсуаа рҟны аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи" захьӡу ашәҟәы иазкыз апресс-конференциа мҩаԥган амультимедиатә пресс-центр Sputnik Аԥсны аҟны. Ашәҟәы авторцәас иҟоуп Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы, аҭоурыхҭҵааҩ Фарид Кәабахьиеи анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада Николаи Ачбеи.

"Хышықәса инарзынаԥшуа аусура ҳаҿын аӡахәаҭҵааҩы Николаи Ачбеи сареи. Имариамызт, аиашазы, ас еиԥш иҟоу аусумҭа азыҟаҵара. Ахыҵхырҭақәа рыԥшаара аҭахын. Аԥсны архив ду ҳаман, аха уи аибашьраан ақырҭцәа ирццышәит, аматериал рацәаны иалаблит. Ари аусумҭазы ауадаҩрақәа цәырҵит, избанзар аҳәаанырцә Урыстәыла анаукатә центрқәа, абиблиотекақәа, архивқәа рҟны аус утәын", - иҳәеит Кәабахьиа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: