Аладатәи арратә округ аԥшыхәцәа аспартакиадаҿы иаиааит

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа зықьҩык инарзынаԥшуа рхы аладырхәит аспорт аҿы иреиӷьу ралкаара иазкыз аспартакиада.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 4 -  Sputnik. Аԥшыхәратә хәҭа аррамаҵзурауаа аспорттә еицлабраҿы зегьы иреиӷьын ҳәа иалкаахеит. Абри атәы аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аруаа "реибашьраан" аимадара шьақәдыргылеит

Аспорттә хәмаррақәа ирылахәын зықьҩык инарзынаԥшуа аруаа абаза еиуеиԥшым аҟәшақәа рҟынтә: аԥшыхәратә, атанктә, артиллериатә, аимадаратә уҳәа уахь иналаҵаны.

Аспартакиада иалахәыз аррамаҵзурауаа 20 рҟынӡа аспорттә усмҩаԥгатәқәа ирхысыр акәын – аидарашьҭыхра, ашаха ахара, ашахматтә турнир, иара убас ашьапылампыли анапылампыли реиԥш иҟаз акомандатә хәмаррақәагьы.

Анаҩс аруаа хә-километрак иҩны, аҭыԥ аҿы ианнеилак агранатаршәреи аҵәырӷәаҿы аҽышьҭыхреи рҟны еицлабуан.

Аспартакиада ахыркәшамҭазы аиаарира згаз акомандақәеи хазы игоу аруааи ахраҿақәеи, аҳамҭақәеи, аҳаҭырбӷьыцқәеи рыҭан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: