Ашаҳаҭцәа рымнеиразы Ҭарба иус ахыргеит

Апрокуратура хада Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь аиҭазыҳәа ҟанаҵоит ашаҳаҭ, уаанӡатәи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов инеира аиҿкааразы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны аҭыԥ змаз Анзор Ҭарба ишьра инадҳәаланы  аӡбарҭа аилатәара ахыгоуп жьҭаара 7 рахь ашаҳаҭ, уаанӡатәи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов инеира аиҿкара ахьалмыршахаз азы.

Аҵыхәтәантәи агәҽанҵареи аексперт иҿахәи: аӡбаҩцәа Ҭарба иус иахәаԥшуеит

Хәажәкырамзазы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь азыҳәа ҟаҵан уаанӡатәи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов аӡбаратә еилатәара иалахәхаразы. Аха, усҟан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра уи аҭакс адырра ҟанаҵеит Кишмахов Аԥсны анҭыҵ, Ҟарачы-Черқьесск дахьыҟоу азы иҟазаара шырзеиҿымкаауа.

Апрокурор Даур Амҷба иазгәеиҭеит уижьҭеи шықәсыбжак шыҵуа, иахьазы Кишмахов дахьыҟоу зынӡа ишырзымдыруа.

"Иҟалап ара дыҟазаргьы. Аминистрра иҳарҭо аҭак ҳазыԥшут", - иҳәеит Амҷба.

Иара иажәақәа рыла, макьаназы ашаҳаҭцәа зегь рҿахәҿыхра хыркәшам, уи азы ашьаҭаҭҵаарахь аус нашьҭым.

Заанаҵтәи аусҭҵаара аверсиала, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы, амаҵзуратә уада 303 аҿы, Омар Мерцхәылаа иӷьычра далаҟьышьуп ҳәа агәаанагара зызрымаз Анзор Ҭарба иҿахәы шиҿырхуаз иԥсҭазаара далҵит.

Мерцхәылаа иӷьычразы иаанкылоу ирбаандаҩра аҿҳәара инахоуп

Ԥхынгәы 13 рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рганахьала ашьаус хацдыркит, рмаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараан амчра инамыцхәны рхы иадырхәеит ҳәа.

Аусҭҵаарахь иаҵаркуп Аԥсны ААР УУР уаанӡатәи аиҳабы Витали Кулов, Аԥсны ААР аусзуҩцәа Бадри Џьыкырба, Аслан Ҷедиа, Адгәыр Аутлев.

Аусҭҵаара аверсиала, дара рнапынҵақәа инархыҳәҳәаны амч ахархәара арҭеит.

Цәыббра 28,  2020 шықәса рзы Омар Мерцхәылаа иӷьычразы аусӡбара аматериалқәа рыла Анзор Ҭарба аӷьычра далахәымызт. Ахарадҵаратә ган иазгәанаҭеит аоперативникцәа рматериалқәа рылагьы Ҭарба Мерцхәлаа иӷьычра далаҟьышьымызт ҳәа.