Аԥсны ашьхараҿы Аладатәи арратә округ артиллеристцәа аҽазыҟаҵара иалагеит

Аԥсны ашьхарақәа рҟны имҩаԥысуа азеиԥш ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаԥыргахьеит 30 рҟынӡа ахысратә зыҟаҵарақәа. Урҭ реиҳарак уахынланы имҩаԥган.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа ахысшьа аҵара аиӷьтәразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ашьхара иаԥну аҭыԥқәа рҿы ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Арратә полигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны гәыԥлатәии хазылатәии аусдҵақәа нарыгӡоит атопогеодезиатәии, аметеорологиатәии, абаллистикатәи зыҟаҵарақәа рганахьала.

Иара убасгьы имҩаԥыргоит аԥшыхәрақәа, ацәҟьарақәа ркоординатқәа нарышьҭуеит артиллериатә расчиотқәа рахь.

Артиллеристцәа зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгылақәа "Акациа", аминаршәгақәа "Сани", агаубицақәа Д-30 рхы иархәаны 12 километра набжьаны игылаз ацәҟьарақәа иреихсуан.

Зынӡа ауснагӡатә иалахәын 500-ҩык аруаа, 100 ак арратә техника, 122 мм иҟоу ареактивтә систематә хысгақәа БМ-21 "Град" налаҵаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: