Арадио

Еныкьԥҳа: арҵаҩра зхы азызкуа идыруазароуп иаԥхьаҟатәи иԥеиԥш шакәу ииааӡо

35 шықәса ашкол аҿы рҵаҩыс аус зуа Мимоза Еныкьԥҳа, арҵаҩы имш аҽны, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит иахьатәи аамҭаз арҵаҩра иацу ауадаҩрақәа ртәы, насгьы арҵаҩы истатус аҽшеиҭанакыз атәы.
Sputnik
Еныкьԥҳа: арҵаҩра зхы азызкуа идыруазароуп иаԥхьаҟатәи иԥеиԥш шакәу ииааӡо

"Иахьа арҵаҩра азанааҭ аӡәгьы ашьҭыхра иҭахӡам, усҟан ашкол аҿгьы аҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахуеит. Иахьа ауалафахәы алацажәарагьы ҳҭахӡам, аха ауаҩы данахәаԥшлак, ари ала сҭаацәа сызныҟәгаӡом иҳәоит дыҷкәыноу, дыӡӷабу. Арҵаҩы изанааҭ иагьа агәыбылра кны днеиргьы, ауалафахәы анмаҷхалак игәахшәо аҟынӡа днеиуеит. Иахьа ауаа рҭаацәаратә проблемақәа зегьы аҭаацәа роуп зыхәда иқәу. Сгәы иаанагоит арҵаҩцәа шаҟа имаҷхо аҟара, убри аҟара икәадахоит адыррақәагьы ашколқәа рҿы", - ҳәа еиҭалҳәеит Еныкьԥҳа.

Сырҵаҩуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо, зегь раԥхьа иргыланы иара иаԥхьаҟатәи иԥеиԥш ауп ииааӡо, иара дибарц шиҭаху еиԥш ауп иҵаҩгьы дышилабжьо, азгәалҭеит Еныкьԥҳа.

"Усҟантәи аамҭақәа рзы арҵаҩы иаҳа дҳаракын, ҳәарада. Усҟан арҵаҩы ахәыҷы данилабжьоз, ииҳәоз иажәа иаҳа илҵуан, избанзар, усҟан идгылоз аҭаацәара иман. Аҭаацәараҿы арҵаҩы дҳаракны дандыргылалак, ахәыҷгьы уи иаҳаҭыр ҳаракны иаанижьуеит", - ҳәа азгәалҭеит арҵаҩы.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: