Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
- Валентина Ақсент-иԥҳа, шәара арҵаҩратә ԥышәа ду змоу ҵарауаҩуп. Шәазааҭгыларц сҭахуп ҳҳәынҭқарра гәыцәс иамоу, ҳаибаркны ҳазмоу аԥсуара злашьақәгылоу ахәҭақәа. Урҭ аҿар ишԥарныԥшуеи, иабанӡарылааӡоу?
— Аԥсуара, иахьатәи аамҭазы алацәажәара уадаҩуп. Ҽырԥшӡагак, хҽыхгак аҳасаб ала аԥсуара ҳаналацәажәо рацәоуп. Ажәытәан иҳаҳахьаз, иаҳбахьаз, иахьагьы ҳхаҿы иҟоушәа ҳгәы иабаны ҳаналацәажәо ыҟоуп, аха аԥсҭазаараҿы уахәаԥшуазар, иахьа аҿар, сара снапы рылакуп, сырзааигәоуп, избоит рхымҩаԥгара зеиԥшроу. Зны-зынла агәкаҳарагьы ҟаҳҵоит иӡит ҳаԥсуара ҳәа. Угәы иахәашагьы ыҟоуп. Иаҳҳәап, ашколқәа рҿы аҿар игыло, аԥхашьара, ахаҵгылара, ах пату ақәҵаны ацәажәара, абарҭқәа рылоуп, еиқәханы иҟоуп.
- Шәара шәгәы ишԥаанаго, аҿар аханатә аԥсуара иақәнагоу ахымҩаԥгара рылааӡара нап абаркттәу, урҭ реилкааараҿы иахәҭоу аҭыԥ ылнахырц азы?
— Аҿар ахьеиҵарааӡо ашколқәа рҟноуп. Аԥсуа школқәа инарҷыданы, егьырҭ ашколқәагьы ирҭо ҳхәыҷқәа роуп, 90% инареиҳаны. Сара ианеиҿсырԥшуа, ибааԥсуп сҳәаӡом егьырҭ ашколқәа ирҭо, аха иазгәасҭоит есымша ҷыдарак, абри аԥсуа ҳәыҷы ицәаҩоу ҷыдарак дара ишырцәыӡхьоу. Еиҳа еиқәханы иҟоуп ҳара ҳашколқәа рҟны, уи зыхҟьо, аԥсуа литература, аԥсуа бызшәа еиҳа инарҵауланы ҳахьахысуа ауп ҳәа.
- Ажәытә цәа зыҟәну аԥсуара, шәара хаҭала шәызхаану, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны лассы-лассы иаҳԥымло акык-ҩбак шәырзааҭгыларц сҭахуп.
— Ҳара аиҳабацәа ҳҿы иӡуашәа сгәы иабоит. Аиҳаб иоуп аиҵбы дызҿыԥшуа. Ишԥаҟаз аԥыхьа? Усҟан ҳара ҳаззыӡырҩуаз ҳаиҳабацәа рхымҩаԥгашьа, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа разыҟазаашьа, аԥсҭазаара шеилдыргоз, ишахцәажәоз, ахәшьара шарҭоз ҳбон, абри ҟашәҵа, абри шәҵа ҳәа аӡәгьы иҳадиҵаӡомызт. Ҳаргьы дара иҟарҵоз ҳаҿыԥшны ҳхы мҩаԥаҳгон. Абшьҭрала, милаҭ ҟазшьала, зеиԥш ҟазшьала аԥсуара ҳаларааӡон. Ашкол амацарагь акәӡам, ахәыҷбаҳчаҿгьы иазгәаҭатәуп. Сара иазгәаҭаны исымоуп, хәба-фба шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа, абри ацәа анурԥсасилак ишытыруа еиԥш, еиҳа рцәа-ржьы иалалоит, ргәаҵанӡа инеиуеит, иуҳәогьы еиҳа иазыӡырҩуеит, игәныркылоит. Аԥсуара аҭаацәараҿы ахы аҵхра амуазар, ахәыҷбаҳчаҿы иалагалатәуп. Убри аганахь ала, аәыҷбаҳчақәа рҿы аус зуа иҟарҵо маҷӡам.
Даараӡа иаҳԥырхагоуп ахәыҷқәа милаҭла реилаԥсара. Асовет мчра аныҟа, аԥсуа хәыҷбаҳча хазы иҟан. Уа ааӡаҩ иналыркны ахәыҟаҵаҩ лҟынӡа, зегь аԥсацәан. Ирҭахы-ирҭахым аԥсышәала ицәажәон, аԥсышәала ирааӡон. Агәыԥқәа анеиларыԥсалак, еиуеиԥшым абызшәақәа цәырҵуеит. Еиуеиԥшым абызшәа ахьцәырҵыз, еиуеиԥшым аҟазшьагьы цәырҵуеит. Убри аҟынтә, ԥсыхәа аман иҟалозар, аԥсуа хәыҷбаҳчақәа хазы иҟаҳҵароуп. Уи акы, ҩбагьы, ҳаԥсуа школқәа маҷуп ақалақьқәа рҿы. 1000-ҩык ахәыҷқәа инареиҳаны узырхылаԥшӡом. Егьа иуҭаххаргьы, уи аҟара ахәыҷқәа сылаԥш рхуп, рыхныҟәгашьа гәасҭоит ҳәа уалагаргьы, ашкол аиҳабыра ирылшаӡом. Иаарттәуп иҵегьы аԥсуа школқәа. Зегьы иреиӷьуп 500-ҩык иреиҳамкәа аҵаҩцәа зҭоу ашколқәа аартызар. Убри аҩыза аҭагылазаашьа аҟаҵара ҳалшоит ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсҭазаараҿы иахьа иҳамбои, иҳазкамыжьӡеит, ҳчарақәа рҿоума, ҳаԥсрақәа рҿоума, инаҳагӡарц ҳҭахуп, аха иамоу аҷыдара анҳазгәнымкыла, ианаҳзеиқәмырха, ҳарԥхашьоит.
- Ҳарҭ ҳнапаҿы ҳмыршәа-ҳмырҳа зегь анҳау, абарҭқәа рыцклаԥшраҿы иаҳԥырхагои?
— Иаҳԥырхагахаз убри ауп, еиҳа ҳхьаԥшуа ҳалагеит атәым ахь. Атәым еиӷьу џьаҳшьоит, атәым бызшәала ҳанцәажәо еиҳа ҳҟәышушәа, еиҳа аҵара ҳамоушәа ҳгәы иабо иалагеит. Тәым бызшәала ҳанцәажәо еиҳа ҳаиҿкааушәа, иара абызшәагьы иацәыԥхашьоушәа иҟоуп, қыҭа бызшәоуп ҳәа ирҳасабуеит. Абри уанаҿанаклакгьы, ҳара ҳаԥсҭазаараҿы кажьшьа ҳамаӡам, иҳазкажьӡом, ҳшьа-ҳда иалоуп. Аха, иныҟәаҳгартә еиԥш ҳаназнеилак, иаҳзымдыруа џьара акы анцәырҵлакгьы, ҳаԥхашьо ҳалагеит ахымҩаԥгара ахьаҳзымдыруа азы.
- Ҿырԥшқәак ҳзаажәгарц шәылшоума?
— Иаҳҳәап, аишәачара, асасдкылара. Икамыжькәа иагьеиқәырхангьы иҳамоуп. Асасдкылараҿы, иаҳҳәап аҿар сасра ианнеилакгьы, аԥшәмацәеи дареи анеидтәалоу, ҽырԥшӡагас, цәажәагас, еибадыргас иҟоу ауп арыжәтә. Ирҳәоит амцхә иамхажәит, агылашьа дақәымшәаӡеит ҳәа. Аԥсуараҿы иара иамоуп ианаамҭоу, иулымшо дырны агылара. Ҳаргьы аҿар ҳрылатәоуп, амоҭацәа ҳамоуп, иаҳхылҵыз ыҟоуп. "Сыԥхашьаны сзымгылеит"-иҳәоит. Избанзар, узыцхатәоу, аԥшәмара ныҟәызго ауаҩы иара иакәӡам изуалу уара угылара, уара угылара зуалу, изырԥшӡаша уара ухаҭа уоуп. Аха, ишԥеиҿқаатәу? Уара иудыруеит хәба-фба ҵәыца рышьҭахь, аҩы улсыр шалшо. Уи еиликаауазар, акы ҩба ҵәыца аниклак ашьҭахь, агыларахь ихы ирхароуп. "Саашәыкәыхшоуп, исзыжәӡом, аха шәаҳаҭыр азы абри аҵәца ааныскылоит"- ҳәа далагароуп ахԥатәи аҵәца аҟынтәи. Заа идирбароуп иара иҳәаа дшахымԥо, нас иара идтәалоугьы заа игәиҽанылоит.
Мчыла идырцаларгьы, иара ԥсыуала, патула, ҳаҭыр ақәҵаны, идтәалоугьы иаҳаҭыр баны мап ацәкра далагар ауп, ԥыҭк иаԥхьаҟа иҵегьы ажәра шилшо. Ауаҩы дмаџьанахоит, агылара дақәымшәо, атәашьа дақәымшәо абас дҟанаҵоит. Аишәачара иамоуп иара ахатәы традициа. Аԥсра, аԥсхәра аҟынтә ижәны иаауа ауаҩы пату иқәӡам. Анцәа иумҳәан, аӡәы иԥсараҿы уцәа азна ажәны ақыҭа уалалан ушԥацо?.. Усҟан угәалаҟазаарагьы акалашәа ишьҭнахуеит, иумҳәашагьы унарҳәоит. Убри аҟны даара аҽынкылара аҭахуп. Аишәаҿы идзыржәуа ҳәа аӡә дрыддыртәалон, идтәалоу ирықәнагам ҟаиҵаӡомызт, даргьы ишақәнагам ала рхы мҩаԥыргаӡомызт. Уаҟа иаԥырҵоз аныҳәаҿақәа даара имаҷын, аишәачара аҟны аасҭа. Арыжәтә мыцхәы ауаҩы дарԥхашьоит, игәабзиарагьы иазеицәоуп. Ҽырбашақә арыжәтә ахархәара ҟалаӡом, иахьакәым ҳкылнагоит.
- Ишырҳәо еиԥш, аҭаацәара-Аԥсадгьыл иаҩызоуп, ҳәынҭкаррак иаҩызоуп ҳәа. Уи аҟны аԥҳәыс иаанылкыло аҭыԥ акраҵанакуеит. Ҷыдала шәазааҭгыларц сҭахуп аҭаацәараҿы анхәеи аҭацеи реизыҟазаашьа.
— Аԥсуара иамоу аганқәа рҿы ари азҵаара ахадаратәқәа ируакуп. Аҳәынҭқарра ҳәа ҳазҿугьы ахы ахьыҵнахуа аҭаацәа рҿоуп. Еиқәшәоу, еинааланы еицынхо аҭаацәара рҿы хымԥада ирызҳауеит згәы ҭынчу, зыхныҟәгашьа ҭышәынтәалоу аҿар. Ҳәарада, аԥҳәыс лоуп абри аҳәынҭқарра хәыҷы аҿы аҳас иамоу, ҳкәажәс иамоу. Санхәа рыцҳа убас лҳәон: "Иҟан ҩыџьа арԥарцәа, руаӡәык даараӡа зыхьӡ-зыԥша нагаз иакәын. Аӡәы даара дуаҩ бзиан, аха дирҭеит аԥҳәыс, зхада хы зҭахымыз, иаразнак еибакуаз, иаразнак иҵҟьоз аӡәы. Егьи уамак далаҟаӡамызт, аха дирҭеит еилыҷҷа иҟаз аԥҳәыс. Аҵыхәтәаны, рҩыџьагьы анеиқәшәа, абри аҷкәын хазына ҳәа ирыԥхьаӡоз, ишәу, ихоу, ицәажәашьа уҳәа зынӡа длаҟәит,зынӡа даҽакала дҟалеит. Аԥҳәыс бзиа дызгаз, иатәарымбоз, уи ихьӡ наӡаны, ауаа унеишь уааишь ҳәа иарҳәо абас дҟалҵеит абри аԥҳәыс ҟәыш илыбзоураны". Аҭаацәарақәа зегьы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рымоуп. Амамзаара ыҟоуп, агәамҵра ыҟоуп, аԥҳәыс лара лакәхеит аиҿкаара аусқәа рнаҩсангьы, аҭаацәара рныҟәгара знапы иану. Аха, убас егьа иҟазаргьы аԥҳәыс илымазароуп ачҳара. Ахаҵа дааҵҟьаны угәы иалсуа аниҳәогьы, уара уҽаанкыланы уивсыр, иаразнак дахьхәуеит иаргьы абри зысҳәазеи ҳәа. Нас, иҟазшьала, днаувс ааувсуа дсыргәыбзыӷуеит ҳәа далагоит. Ус анаԥшьигалак уаргьы дшаҭаумҵо иурбароуп.
Аҵыхәтәантәи ажәа сара истәуп ҳәа уазнеир ҟалаӡом, бзиарак алҵӡом, иаргьы ичҳара хыжжуеит, иуеиҳәаз еицәоу еиҭанауеиҳәар ҟалоит. Убри азы иаҭахуп аҽынкылара. Аԥсуаа ирҳәоит: "Уҭаца дубжьарц уҭахызар, уԥҳа улылабжьа"-ҳәа. Аԥха еиҳа дузааигәами, дузгәааӡом. Уҭаца ишлаҳауа, абас ауп ахымҩаԥгашьа шаҭахәу ҳәа уԥҳа ианлоуҳәо, аҭаца еиҳа игәнылкылоит. Аҩнаҭаҿы еиқәымшәарак ыҟазар, сара еиҳарак изыхҭнысҟьо анхәа лоуп. Аҭаца даҽа ҭаацәарак дааӡеит, даҽа дунеиқәыԥшышьак лымоуп уҳәар ауеит. Уара ухатәы ҿырԥшыгала уҭаца дуааӡозароуп. Иаартны аҽыԥныҳәа лыҭара бзиаӡам. Ирмаананы, ҽмыршьыгала иазнеитәуп. Аҭаца актәи аҭыԥ аанылкыло далагоит аҭаацәараҿы ԥшәымаԥҳәысны дыныҟалалак, иагьлыҭатәуп. Избанзар, аҭаацәара рныҟәгара знапаҿы иҟало лара лоуп. Хәыҷы-хәыҷла анхәа дхьаҵуазар ауп. Сара сыԥҳеиҳаб, аԥсуа ҭаацәара ду даланагалеит Оҭҳара. Ҭаацәара дук рбысҭа аура, ақалақь иааӡаз аӡӷаб ианлылымшоз ыҟан. Анхәа лара иуны, ачанах ианҵаны, аҭаца илуалыз ирԥшӡаны аишәа ақәыргылара акәын. Анхәа дубаӡомызт, аԥацхаҿы дыҟан, акәты аиҿыхшьагьы удыруазароуп, асас имҵауҵаша ажьыхәҭақәагьы удыруазыроуп. Аишәа анурхио, ҳәарада, абысҭа аҭыԥ хазуп, ацыфа аҭыԥ хазуп. Убригьы лара имырхьааӡакәа иллырбон. Иахьатәи ҳаамҭазы, аԥҳәысҵәҟьа ззырҳәо, аҭаацәара рныҟәгара зылшо, асасдкылашьагьы здыруа лакәны дыҟоуп. Дзааӡаз анхәа лоуп, уи азы иаҭахуп аԥсҭазааратә ԥышәа, аҟәышра.
- Иахьатәи аамҭазы шәара шәнапы злаку ҳаԥхьаҩцәа рҟынӡа инаҳгап.
— Џьырхәатәи абжьаратә школ салгеит. Ҳаб Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы дыӡхьан, ҳан лакәын ҳзааӡоз, хҩык ҳаҟан абыда. Усҟан ашкол аҟны апионер ԥыза ҳәа иҟан, убра сналагеит 18 шықәса шысхыҵуаз, убри инаркны иахьанӡа аҵарадырра, ашкол, ахәыҷқәа убарҭ срыдҳәалоуп. Убасҟантәи аамҭазы исымаз агәаҳәара иахьагьы исымоуп аусура. Аԥсуа бызшәеи алитературеи аҿар дырҵарахьы сиасит, аинститут салгеит. Заа аҭаацәарагьы салалеит, ԥшьҩык ахшарагьы сыман, аха шықәсык иадымхаргьы аусура кажьны аҩны саанымгылаӡеит. Уажәы, еиҳарак снапы злаку, аԥсуа рҵаҩцәа рметодика ашьҭыхра, ашкол аҟны амаҭәар рызнагара аҿы рԥышәа, рдырра азырҳара ауп. Инеиԥынкаланы 50 шықәса еиҳазар ҟалап абри аус снапы алакуижьҭеи. Макьана сгәы ахымшәаӡац, асаркьа саныԥшылаӡом, сшьамхи, сыбзи, сыхшыҩи срықәгәыӷуеит, убарҭ срыцныҟәоит акәымзар, мамзар сықәра сазхәыцыр сҭахӡам. Қәрала иҟаӡам адырра. Адыраа иуҭаххар, унапаҿы иааугоит. Аҟазшьеи аус азыҟазаашьеи убри ушқәыԥшу ишьҭухыр, нас убри уажәымҭа аҿынӡагьы иноугоит, хадара злоу уус ушазыҟоу ауп. Иара аԥышәараҿгьы акәзааит, сара сыла иабоу ахәыҷ иоуп, уи идырра, уи ицәажәашьа ауп, ауа-аҭынха ракәӡам. Ижәла сҭахӡам, исҭаху иара иоуп. Аҿар санрылатәо, "Уаҳа шәмааӡои?" — ҳәа ансарҳәо ыҟоуп, ахәыҷ иахь ииашаны азнеишьа улазароуп. Нас ауп уаргьы уанеилыркааауа. Агәра иургароуп идырра ахьынӡаҳараку, иахьынӡалаҟәу, имаршәа укыроуп иуаҩра ламырҟәыкәа, иҭаацәара ламырҟәыкәа, ишәу-ихоу ламырҟәыкәа.