Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит жьҭаара 7 рзы

Аӡы ааныркылоит Аҟәа ақалақь Џьонуа имҩаҿы аӡцрыҵтә еизгарҭа акапиталтә ремонт ахьазыруа азы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡрыжәтәда иаанхоит ахаша, жьҭаара 7 рзы асааҭ 00:00 инаркны 20:00 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Ахаша Џьонуа имҩаҿы аӡцрыҵтә еизгарҭа аремонттә усурақәа мҩаԥыргоит.

Ӡыда иаанхоит анаҩстәи Аҟәа араионқәеи амҩақәеи: Ажәытә ҳабла, Ешба имҩа, авокзал, Адыгеиаа рымҩа, ВИЕМ аҳабла, ақалақь агәы, аџьарымкьа араион.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" Sputnik иазеиҭанаҳәахьан Аҟәа ақалақь аҿы аӡы лассы-лассы идмырцәаларц азы комплексла аӡымҩангагақәа зегьы рыԥсахроуп. Уахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәагьы, аӡеизгарҭақәагьы, аӡымҩангагақәагьы.