Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩуп

Аԥснытәи аделегациа Дамаск иҟоуп Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны аартра инадҳәаланы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аџьынџьуаа русқәеи рзы рминистр, Шьамтәыла аминистрцәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Уалид Аль Муаллеми аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит адипломатиатәии амаҵзуратәии паспортқәа змоу рзы авиза аԥыхразы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Башар Асад Аслан Бжьаниеи иареи еибадырыр иҭахуп

Аԥснытәи аделегациеи Уалид Аль Муалли аиԥылара рыман. Аиԥылараан ирылацәажәан ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа, иаадыртуа Ацҳаражәҳәарҭа аҵак ду иамоу ртәы.

"Шьамтәыла акраамҭа аҩнуҵҟатәии анҭыҵтәии атерроризм иаҿагылан. Аиҳарак амчқәа ззырхоу жәларбжьаратә аренаҿы аполитикатә қәԥара амҩаԥгароуп. Тәылақәак, уаанӡа ҳаӷацәа адгылара рызҭоз, уажәы ҳаизыҟазаашьақәа рырбзиара рҽазыршәоит. Ҳара ҳажәлар уаҵәтәи рԥеиԥш бзиа ҳақәгәыӷуеит. Убри азы иаҳҭахуп аекономикатә терроризми асанкциақәеи рҿагылара амҩаԥгара", - азгәеиҭеит Уалид Аль Муаллем.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартра ацеремониа аҽалархәразы Шьамтәыла иҟоу Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа идикылеит Шьамтәыла Аминистрцәа рхеилак ахантәаҩы Хусеин Арнус.

Кәыҵниа иазгәеиҭеит аԥснытәи аган шазыхиоу аиҳабырабжьаратә комиссиа аусура иаарццакны алагаразы акомиссиа  аилазаара дырдырра.

Хуссеин Арнус иажәақәа рыла Шьамтәыла активла Аԥсни иареи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа хра рыманы рымҩаԥгара иазыхиоуп.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит 2018 шықәса лаҵара 29 рзы.

2020 ԥхынгәымза анҵәамҭазы Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар аль-Асад дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба. Имҩаԥган аҳәынҭқарратә гәраргагатә шәҟәқәа реимдара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: