Башар Асад Аслан Бжьаниеи иареи еибадырыр иҭахуп

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартра ацеремониа аҽалархәразы Шьамтәыла иҟоу Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа жьҭаара 5 рзы Дамаск идикылеит Башар Асад.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар Асад агәазыҳәара ааирԥшит хаҭала Аслан Бжьаниа диабадырырц, атәылақәа рыҩба рыбжьара аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәарц ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Шьамтәыла Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аартхоит жьҭаара 6 рзы

Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа Аслан Бжьаниа Башар Асад асалам шизааиҭииз иеиҳәеит.

Кәыҵниа иазгәеиҭеит Аԥсны ажәлар Шьамтәылатәи Арабтә республика ауааԥсыра адгылара шрырҭо жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагылан рықәԥараҿы, ртәыла аҵакырадгьыли рсуверенитети ахьырыхьчо азы.

Дамаск ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартра мҩаԥгахоит жьҭаара 6 рзы.

Аԥсны аделегациа напхгара аиҭоит Аԥсны ахада иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа. Аделегациа аилазаара иалахәуп: Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, ахада Иусбарҭа, Атәылахьчара аминистрра, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата рхаҭарнакцәа.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит 2018 шықәса лаҵара 29 рзы.

2020 ԥхынгәымза анҵәамҭазы Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар аль-Асад дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба. Имҩаԥган аҳәынҭқарратә гәраргагатә шәҟәқәа реимдара.