"Ачанқәа рыҟаҵара салагеит 25 шықәса анысхыҵуаз, аха анаҩс ашәқәеи аԥенџьырқәеи рахь сыиасит. Уажәы амҿтәы ԥенџьырқәа зҭаху аӡәгьы дыҟам аҟнытә еиҭа ачанқәа рахь сыиасит. Иззыҟасҵоз дара-дара еибыҳәо иахьа уажәраанӡагьы саҿуп. Изҭаху, иадҵаало рацәаҩуп, аха амамзаара рацәахеит. Сара амаҭәахә зегьы сыхәҳауеит. Амҿы, аихамаҭәа уҳәа ана-ара сыԥшаауеит иаҭаху зегьы аидкыларазы. Мааҭқәак ансырҳауа ыҟоуп, ианысмырҳауагьы убап, иара ус аиҭашьақәыргыларазгьы иааиуа ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит аҟаза.
Заур Ҳашба ачанқәа ажа, аҭәа, амжәа, абнаца уҳәа ирылихуеит. Зегь иреиҳау иҟаҵамҭа ачан 1500 литра акуеит, уи нахыс ихьанҭахоит, ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳашба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Константин Аҩӡба: амзаҷ аткьац иахагьежьуанаҵы, сыԥсҭазаара баша имҩасуам
Асахьаҭыхыҩ-ауасҭа: Аслан Кәыркәнаа иҟазаратә баҩхатәра аганқәа