Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус здырбалаз рхыԥхьаӡара аиԥш ҟамлацт

Аԥсны иахьаҵанакуа апандемиа ааҟалеижьҭеи акоронавирус рыдырбалахьеит 1868-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 655-ҩык ргәы бзиахеит, 15-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус рылоу ирыламу аилкааразы атестқәа ирхыжьын 247-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә COVID-19 рыдбалоуп 103-ҩык ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 134-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 127-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 20-ҩык, ибжьаратәуп - 45-ҩык, илҩаауп 15-ҩык апациентцәа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>