Аԥсны ААР аусзуҩцәа ауааԥсыра аԥкрақәа ишрықәныҟәо иахылаԥшлоит

Аԥсны иахьаҵанакуа жьҭаара 5 инаркны акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы аԥкрақәа алагалоуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа ауааԥсыра агәҽанҵаратә усура мҩаԥыргалоит амассатә уснагӡатәқәа рыҽрыладмырхәларци амаҵзурақәа рнаплакқәеи ауаажәларратә транспорт амаҵзуцәеи ишьақәыргылоу аԥҟарақәа ирықәныҟәаларци. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Раԥхьа иргыланы арҭ аԥҟарақәа ирықәныҟәалароуп азеиԥш крыфарачара аобиектқәа, аҭааҩцәа рзы ирхиазароуп асанитар-епидемиологиатә нормақәа ирықәшәо аҭагылазаашьақәа, асоциалтә дистанциа. Ауснагӡатә аиҿкаара иалахәхоит ақалақьтә усбарҭақәеи араионтә ҟәшақәеи русзуҩцәа аҭыԥантәи ахадарақәа азинмчра змоу русбарҭақәеи русзуҩцәа.

Аԥсны ААР аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ауаажәларратә транспорти амаршруттә таксиқәеи рныҟәараан асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа анормақәа ишрықәныҟәо хылаԥшра арҭоит.

Аминистрра ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵеит аԥкрақәа ирықәныҟәаларц.

Аԥсны иахьаҵанакуа жьҭаара 5 инаркны акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы иалагалоуп аԥкрақәа.

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа 1868-ҩык чмазцәахахьеит, урҭ рҟынтәи 655-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, 15-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: