Аԥсны акоронавирус зыхьыз рхыԥхьаӡара ҩаԥхьа ирацәоуп

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа иаарԥшу акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара 1976-ҩык ыҟоуп. Ргәы бзиахеит 668-ҩык, 16-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп 108-ҩык ауааԥсыра атестқәа ззыҟаҵаз 290-ҩык рахьтә ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 134-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 110-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 18-ҩык, ибжьаратәуп - 38-ҩык, илҩаауп 13-ҩык апациентцәа.

 

Аоперштаб аҿы адырра ҟарҵеит жьҭаара 5 рзы иԥсҭазаара дшалҵыз 1947 шықәсазы ииз акоронавирус ззышьақәырӷәӷәаз ахаҵа, иԥсыԥлагаҩагареи игәеисреи ахьыԥсыҽхаз азы. Иара агоспиталь дҭашәеит цәыббра 29 рзы ҩганктәи аполисегментартә шзыҵәкреи аԥсыԥеивҵахареи иманы, арԥҳақәа аҳауарҭарсга изышьақәыргылан. Иазгәаҭоуп иара асоматикатә чымазарақәагьы ицәа ишала.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>