"Спутник V" иреиҳаӡоу ахәԥса шьақәдыргылеит

Нанҳәамзазы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V".
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Акоронавирус аҟынтәи алаҵа ахәԥса зықьмааҭ еиҳахом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Афедералтә амонополиаҿагыларатә маҵзура (ФАС) анапхгаҩы Игор Артемьев.

Иара иазгәеиҭеит ахәԥса лаҟәыргьы шалшо ареференттә тәылақәа рҟынтәи арбагадыррақәа аныҟалалак.

"Ҳара ҳаилацәажәеит алаҵа аформула ҷыда шаиуаз, ахәԥсагьы шышьақәҳаргыло егьырҭ атәылақәа рҿырԥшрала", - ҳәа иҳәеит Артемьев.

Ҟәбан акоронавирус азы алаҵа аиура иалагеит

Ареференттә тәылақәа алахәуп аекспертиза ашьаҭала алаҵа ашәарҭадареи хра аманы аҟазаареи рзы аексперттә ҳасабырба азырхиара.

Нанҳәамзазы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V".

Уажәазы алаҵа аҭаҩрашьҭахьтә клиникатә ԥышәара афаза мҩаԥысуеит.

Цәыббра 21 рзы Аԥсны Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аахәаразы аҳәара ҟанаҵеит. Аминистрраҿы иазгәарҭеит 15 - 20 нызқь доза иҟоу апартиа ишазыԥшу. Аԥсны ауааԥсыра рзы алаҵа хәыда-ԥсадахоит, аимҳәазы алаҵеиԥш, изҭаху иҟаиҵоит. "Спутник V" Агәабзиарахьчара аминистрра ахарџь ала иаахәахоит.