АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Акоронавирус аҿаԥызҽуа раԥхьатәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" актәи апартиа Краснодартәи атәылаҿацә ахь иаагоуп ҳәа аанацҳауеит атәылаҿацә ахадара апресс-маҵзура.
Атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистрраҿы ирҳәеит ироуз алаҵа шырацәам, 42 доза шакәу иҟоу. Иазԥхьагәаҭоуп ԥхьаҟазы 5000 доза алаҵара роураны.
"Алаҵа рзыҟарҵоит "ацәаҳәа ҟаԥшь" ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы аус зуа – аҿкратә госпитальқәа, аполиклиникақәа, ацхыраара ласы рҿы аус зуа амедусзуҩцәа. Урҭ ашәарҭара рҭамыргыларазы иахәҭоу зегь ҟаҵатәуп, ихьчатәуп. Алаҵаҟаҵара аҩбатәи аетап мҩаԥгахоит 21 мшы рышьҭахь", - рҳәоит агәабзиарахьчара арегионалтә министрраҟны.
Цәыббра 21 рзы Аԥсны Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аахәаразы аҳәара ҟанаҵеит. Азыҳәа аҭҵаара мҩаԥнагоит аурыс ган. Аминистрраҿы иазгәарҭеит 15 - 20 нызқь доза иҟоу апартиа ишазыԥшу.
Аԥсны ауааԥсыра рзы алаҵа хәыда-ԥсадахоит, аимҳәазы алаҵеиԥш, изҭаху иҟаиҵоит. "Спутник V" Агәабзиарахьчара аминистрра ахарџь ала иаахәахоит.
Нанҳәамзазы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V".
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: