Ҟәбан акоронавирус азы алаҵа аиура иалагеит

Цәыббра 21 рзы Аԥсны Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аахәаразы аҳәара ҟанаҵеит. Азыҳәа аҭҵаара мҩаԥнагоит аурыс ган. Аминистрраҿы иазгәарҭеит 15 - 20 нызқь доза иҟоу апартиа ишазыԥшу.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Акоронавирус аҿаԥызҽуа раԥхьатәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" актәи апартиа Краснодартәи атәылаҿацә ахь иаагоуп ҳәа аанацҳауеит атәылаҿацә ахадара апресс-маҵзура.

COVID-19 аҟынтәи алаҵа ацәгьареи абзиареи ирылацәажәеит

Атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистрраҿы ирҳәеит ироуз алаҵа шырацәам, 42 доза шакәу иҟоу. Иазԥхьагәаҭоуп ԥхьаҟазы 5000 доза алаҵара роураны.

"Алаҵа рзыҟарҵоит "ацәаҳәа ҟаԥшь" ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы аус зуа – аҿкратә госпитальқәа, аполиклиникақәа, ацхыраара ласы рҿы аус зуа амедусзуҩцәа. Урҭ  ашәарҭара рҭамыргыларазы иахәҭоу зегь ҟаҵатәуп, ихьчатәуп. Алаҵаҟаҵара аҩбатәи аетап мҩаԥгахоит 21 мшы рышьҭахь", - рҳәоит агәабзиарахьчара арегионалтә министрраҟны.

Цәыббра 21 рзы Аԥсны Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аахәаразы аҳәара ҟанаҵеит. Азыҳәа аҭҵаара мҩаԥнагоит аурыс ган. Аминистрраҿы иазгәарҭеит 15 - 20 нызқь доза иҟоу апартиа ишазыԥшу.

Аԥсны ауааԥсыра рзы алаҵа хәыда-ԥсадахоит, аимҳәазы алаҵеиԥш, изҭаху иҟаиҵоит. "Спутник V" Агәабзиарахьчара аминистрра ахарџь ала иаахәахоит.

Нанҳәамзазы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: