Ахимиазы Нобель иаԥхьахә рыҭоуп ҩыџьа аҵарауаа

Агеном аредакциа азура иалнаршоит аҵиаақәа рселекциазы алшара ҿыцқәа, иаланагалоит акьыбачымазареи шьҭралатәи ачымазарақәеи рыхәышәтәра аметодқәа рзы алшарақәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Химиаз Нобель иаԥхьахә 2020 шықәсазы ирыҭоуп ҩыџьа аҵарауаа: афранцыз микробиолог Еммануэль Шарпантьеи америкатәи абиохимик Џьеннифер Дуднеи агеном CRISPR/Cas9за аредакциа атехнологиаз. Абри атәы аанацҳауеит швециатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Нобель ихьӡ зху аилак.

Афизиказы Нобель иаԥхьахә рырҭеит акылҳара еиқәарақәа рыҭҵааразы

Аҵарауаа шықәсқәак раԥхьа иаадыртит абактериақәа рмолекулиартә "иммунитет". Дара уи аиммунитет ала авирусқәа рҽырцәырыхьчоит.

Ари аартра ахархәара аҭан еиуеиԥшым ацәеижьқәа ргеномқәа аредакциа рзуразы. Адунеи аҵарауаа рхы иадырхәоит "геномный редактор" ҳәа изышьҭо СПИД аиԥш иҟоу ачымазарақәа рыхәышәтәраҿ ацхыраараҟаҵара.

Уаанӡа физиказы Нобель иаԥхьахә ранашьан акылҳара еиқәарақәа рзы, амедициназ – гепатит С аҭҵааразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: