Гепатит С аҭҵааразы Нобель иаԥхьахә рыҭоуп

© AFP 2023 / JONATHAN NACKSTRANDМемориал Альфреду Нобелю
Мемориал Альфреду Нобелю - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи итрадициатәу Нобель иаԥхьахә амчыбжь аатит Швециа аҳҭнықалақь Стокгольм, жьҭаара 5 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. 2020 шықәса рзы амедицина аганахь ала Нобель иаԥхьахә рыҭоуп: Харв Альер, Маикл Хогтон, Чарльз Раис – гепатит С аҭҵааразы. Абри атәы аанацҳауеит апремиа аофциалтә саит.

Нобельтәи аилак иазгәанаҭеит аҵарауаа агепатит аҿагылара алзыршо аҭҵаарақәа имҩаԥыргаз.

Агепатит — арыԥҳачымазароуп, авирус инфекциа ицәырнагоит, адунеи аҿы еиҳа ирылаҵәаны иҟоу ҿкчымазароуп.

Сынтәа Нобель иаԥхьахә аҭараан аҿыцрақәа цәырган. Цәыббрамзазы ирылаҳәан 2020 шықәсазтәи аԥхьахә 10 миллион швециатә крон (миллион доллар) иацлоит ҷыда-ҷыдала ҳәа. 2012 шықәса раахыс афонд аинвестициатә капитал 3 инаркны 4,6 миллиард крон (300 - 460 миллион доллар) иацлахьеит.

Аҩбатәи аҿыцра акоронавирустә инфекциа иахҟьаны алауреатцәа Стокгольм есышықәсатәи аԥхьахәрыҭара ацеремониа аҟамлароуп. Есышықәса, ԥхынҷкәын 10 рзы Швециа акрал инапаҟынтәи стокгольмтәи афилармониаҿ аԥхьахәқәа роуан алауреатцәа. Сынтәа аратушаҟынтә ишиашоу ицо атрансляциа мҩаԥган, уи ала адипломқәеи амедалқәеи шыршоз рышьҭуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0