Аслан Бжьаниа Кындыӷ ақыҭантәи ацхеихшарҭа зауад даҭааит

Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра иатәу Кындыӷ ақыҭантәи ацхеихшарҭа зауад аиҿкаара ахәԥса 41 миллион мааҭ артәеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа даҭааит Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан иҟоу Ақыҭанхамҩа аминистрра иатәу ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныцха". Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

Аслан Бжьаниа анаплакы атехникатә ҭагылазаашьа, аӡа аҵәахырҭа, ихиоу аалыҵ аҭагылазаашьа уҳәа гәеиҭеит.

Ишеилкаахаз ала, азауад аҿы ирыцқьам аӡа тоннала игылоуп, ахәҭакгьы ԥхасҭахахьеит.

Аекспорт ахь: аԥсуа цха Роспотребнадзор аҭахрақәа ирықәшәо иҟалоит

Анаплакы адиректор Даур Ҭуӷәышь иҳәеит азауад аус шамуа ацха аҭиразы апроблема ахьыҟоу азы, уи адагьы анаплаки ацхаарыхцәеи ирымоу аилибамкааразы: ашьхааӡаҩцәа азауад излаанахәо ахәԥса иақәшаҳаҭым.

Атәыла ахада игәаанагарала, аԥсуа цха аконкуренциа иаҵамхартә аҭагылазаашьа амоуп. Иара азауад анапхгара анапынҵа риҭеит анаплакы ахашәала ҟанаҵартә еиԥш ак азырыӡбарц.

Жьҭаара 8, аԥшьашаҽны иара убасгьы Аслан Бжьаниа дырԥылеит Аԥсны ашьхааӡаҩцәа рхаҭарнакцәа. Аиԥылараҿ ирылацәажәан аусхк иамоу апроблемақәа.

Ԥхынгәымзазы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа адҵа ҟаиҵеит Аԥсны ацха знапы алаку рышәҟәынҵа аԥҵазарц, еиҳа инҭкааны шықәсык ахь ала иҟало аалыҵ ахышәаҵышәа ашьақәыргыларазы.

Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан иҟоу Ақыҭанхамҩа аминистрра иатәу ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныцха" ргылан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Акомплекстә план аԥарақәа рыла 2016 шықәса рзы. Ақыҭанхамҩа аминистрра абаланс ахь инаган 2019 шықәса рзы. Азауад ахаҭеи амыругақәеи рыхәԥса 41 миллион мааҭ итәоит. Азауад еиқәыршәоуп иҷыдоу ацхеихшарҭатә цәаҳәала, алабораториатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгарҭатә ҭыԥ ала, ҭра-ҭрала еихшоу ацха аҵәахырҭатә ҭыԥ ала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: