Арадио

Ҳагба Ашьха Ҟарабах ицо аидысларақәа рзы: раанкылара зылшо Урыстәыла ауп

Ашьха Ҟарабах ҩаԥхьа бџьаршьҭыхлатәи аидысларақәа рылагара мзызс ирымоу, урҭ раанкылара алзыршо ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Sputnik
Ҳагба Ашьха Ҟарабах ицо аидысларақәа рзы: раанкылара зылшо Урыстәыла ауп

"Аибашьра ааныркылеит 1994 шықәсазы минсктәи аиқәшаҳаҭрала. Уи аамысҭашәлатәи еииқәшаҳаҭран, аӡәгьы инапы аҵаимҩит, уамашәа иубаратәы аус ауит. Ахысрақәа ҟалон, аха мҽхакыҭбаалатәи еиҿагыларак ыҟамызт.

Аԥсны иҟоу аерманцәа руаԥшь Ашьха Ҟарабах ацхыраара арҭоит

Уажәы ас изыҟалеи, мзызс иамоуи? Сгәаныла ҩба-хԥа фактор ыҟоуп. Раԥхьа иргыланы, Азербаиџьан економикала иӷәӷәахеит, бџьарлагьы рҽеибырҭеит, арегион аҟны дара зегь реиҳа иӷәӷәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аҩбатәи амзыз, ианалагоз аиҿагылара Ҭырқәтәыла аԥхьа ус азгәарҭон еиқәшаҳатрак ҟаҵатәуп аерманцәеи дареи рыбжьара ҳәа, уажәы иаартны имшәакәа ирҳәоит, иаҭаххозар аибашьраҟынгьы ишрыдгыло. Насгьы Ермантәыла аԥыза-министр ихымҩаԥгашьа ҽеим, иаартны иуҳәозар, Урыстәыла аганахьала. Иахьа уажәраанӡа Ермантәыла шьақәгыланы изыҟоу Урыстәыла анырра иабзоуроуп. Иҟалап, арҭқәа ҳасаб рзуны, Азербаиџьанаа рыдгьылқәа рыргьежьра изалагаз", - иҳәеит Ҳагба.

Аполитолог игәаанагарала Ашьха Ҟарабах ицо бџьаршьҭыхлатәи аидыслара аанкылара зылшо Урыстәыла ауп.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: