АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Ҩганктәи аполисегментартә пневмониаҟынтәи рыԥсҭазаара иалҵит аҩны зҽызхәышәтәуаз, ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәызкуаз ҩыџьа ачымазцәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла ачымазара ҿкы рылоу ирыламу аилкааразы игәаҭан 288-ҩык, урҭ рахьтә 99-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 155-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 138-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп. Зҭагылазаашьа бааԥсу апациентцәа рхыԥхьаӡара 15-ҩык рҟынӡа иагхеит, зҭагылазаашьа бжьаратәу 35-ҩык ыҟоуп, ирхәышәтәны иоурышьҭит хҩык апациентцәа.
Зынӡа Гәдоуҭатәи агоспиталь жьҭаара 9 рзы иҭашәеит 21-ы чымазаҩ.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>