Арадио

Џьынџьалԥҳа Аԥсны ахортә капелла азы: иахьеиқәҳархаз сара сзы иҳамҭа дууп

Аԥсны Жәлар рартист, Адыгатәыла аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор хада Нора Џьынџьалԥҳа лиубилеи мшуп иахьа.
Sputnik

Ааигәа аиубилиар ачымазара ҿкы COVID-19 лхылгеит, иахьазы лхы цәгьамкәа илбоит, аҩны дыҟоуп ҳәа еиҭалҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.

 

Џьынџьалԥҳа Аԥсны ахортә капелла азы: иахьеиқәҳархаз сара сзы иҳамҭа дууп

"Уи (аира мшы азгәаҭаразы - аред.) инакәзаалак сазҿлымҳаны ацәыргара хәыҷык сгәы иаҭахым, аха сааԥсара ыҟазар акәхап аҟазараҟны сышәгәалашәаны иахьсыдышәныҳәалаз. Инарҭбааны азгәаҭара ҳәа ус сгәы иҭамызт, ҳара-ҳара ҳаидтәаларын", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

 

Лара иазгәалҭеит аибашьра ашьҭахьтәи ашықәс уадаҩқәа рнаҩс Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла аиқәырхара ахьалыршахаз иҳамҭа дуны ишылԥхьаӡо лыԥсҭазаараҟны.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: