Арадио

Арсалиаԥҳа Искандер ихьӡ зху ацентр азы: институтк аҳасабала иҟалароуп

Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультура афонд аофициалтә хаҭарнак Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еихылшьалеит Аҟәа имҩаԥысуаз афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аусура.
Sputnik

Фазиль Искандер ихьӡ зху VI Жәларбжьаратәи акультуратә фестивал "Ауаҩы игыларҭа" Аҟәа имҩаԥысуан жьҭаара 7 инаркны 10-нӡа.

Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы ажәытәан аԥхьарҭа ахьыҟаз Искандер ихьӡ зху акультуратә хәышҭаара аиҿкаара хҭыс бзиахон, акрызҵазкуа фактуп ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.

 

Арсалиаԥҳа Искандер ихьӡ зху ацентр азы: институтк аҳасабала иҟалароуп

"Искандер ихьӡ зху ацентр ҟалар, уи даара акрызҵазкуа акәхон жәларбжьаратәи акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәара, рырҿиара рзы. Ари иҿыцу институтк аҳасабала иҟалароуп, ҳәарада. Уи иахәоит, ацхыраара арҭароуп аҵара, акультура, адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа", - ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.

 

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: