Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бигәаа Гал араион ақыҭанхамҩатә усурақәа рзы

Гал араион ақыҭанхамҩа аиҳабы Беслан Бигәаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ари аамҭазы араион аҿы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бигәаа Гал араион ақыҭанхамҩатә усурақәа рзы

"Ақыҭанхамҩа ацхыраарала Гал араион иазоушьҭын ахәшәқәа. Анхацәа рбаҳчақәа рыхәышәтәразы – араса, аҵәа, аҳа, аџьықәреи уҳәа. Аусурақәа нарыгӡон араион иамоу атракторқәа. Изныкымкәа иҩынтәымкәа анхацәа ршәырҵлақәа ахәшәқәа рықәҭәан. Уажәыгь иаанхаз ақыҭақәа рҿы аусурақәа цоит. Гал иҟоуп 18 қыҭа. Мызкы аахыс аусурақәа цоит. Аусзуҩцәа ақыҭа аиҳабацәа ирԥылоит, иаҳа иахьаҭаху рарҳәоит, ирхәышәтәуеит. Ахәшәқәа амармалташьтә пты рнырҵәара иазырхоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бигәаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: