Арадио

Ҷаниа Ашьха Ҟарабах иҟоу аимак азы: Урыстәыла даҽа ԥсыхәак амам, ари азҵаара амӡбыр ада

Апублицист, ашәҟәыҩҩы, аполитикатә хҳәааҟаҵаҩ Терент Ҷаниа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Ашьха Ҟарабахтәи аимак азы.
Sputnik

Ашьха Ҟарабах аинырратә цәаҳәаҿы бџьаршьҭыхрала еиҿагылеит цәыббра 27 азы. Бақәеи Еревани дара-дара ахара рыдибаҵеит. Москва имҩаԥысыз аицәажәарақәа рышьҭахь Ермантәылеи Азербаиџьани еиқәшаҳаҭхеит Ашьха Ҟарабах ахымца аанкыларазы. Уи агуманитартә хықәкы амоуп, атҟәацәеи иҭахази Аџьар Ҟаԥшь абжьаҟазарала еиҭнырыԥсахлоит. Иҟоу адыррақәа рыла, ахымца аанкыларазы аиқәшаҳаҭра аилагара аҭыԥ амоуп.

 

Ҷаниа Ашьха Ҟарабах иҟоу аимак азы: Урыстәыла даҽа ԥсыхәак амам, ари азҵаара амӡбыр ада

"Аибашьратә мҩала ари азҵаатәы ӡбашьа амам, политикатә мҩалоуп. Ирыдыркылеит ақәҵара аибашьра аанкылазарц, иҭахаз рыԥсыбаҩқәа агаразы аамҭа рырҭарц. Аха уи ашьҭахьгьы ашәҟәы аилагара иаҿын. Уажәшьҭарнахысгьы аҳәара цәгьоуп ари азҵаатәы иаалырҟьаны иӡбахоит ҳәа, аха Урыстәыла даҽа ԥсыхәак амам, ари азҵаара амӡбыр ада", - иҳәеит Ҷаниа.

 

Ашьха Ҟарабах аимак ахы акит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР ишалҵуа азы аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь.

1992-1994 шықәсқәа рызтәи аиҿагылара ашьҭахь Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах анапы иҵыҵит иаԥныз араионқәа быжьба налаҵаны. 1992 шықәса раахыс ОБСЕ Минсктәи агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак ҭынчрыла аилыргаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Азербаиџьан аҵакыратә акзаара атәы иалацәажәоит, Ермантәыла – иазхаҵам ареспублика аинтересқәа ахьчоит.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: