Аҟәа ахадара асоциалтә еиқәыршәара аусбарҭаҿ акарантин алагалоуп

Аҟәа ахадара асоциалтә еиқәыршәара аусбарҭа аусзуҩцәа русуратә ҭыԥқәа рҿы рыҟазаараҟынтә рхы иақәиҭтәуп 2020 шықәса жьҭаара 12-26 рыбжьара.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аусԥҟа инапы аҵаиҩит асоциалтә усбарҭаҿ аԥкратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Акарантин алагалоуп акоронавирустә инфекциа COVID-19 амҽхак аҭбаареи аусбарҭа аусзуҩцәа ачымазара рацәыхьчареи рзы аҳҭнықалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева лабыжьгарақәа шьаҭас ирыҭаны.

Аҟәа ахадара асоциалтә еиқәыршәара аусбарҭа аусзуҩцәа русуратә ҭыԥқәа рҿы рыҟазаараҟынтә рхы иақәиҭтәуп 2020 шықәса жьҭаара 12-26 рыбжьара.

Абри инадҳәаланы асоциалтә еиқәыршәара аусбарҭаҟны атәылауаа рыдкылара аанкылоуп.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>