АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik. Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" даҽазныкгьы Аԥсны аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟарҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәарц Урыстәыла Атәылахьчара амобилтә госпиталь ареспублика аҵакыраҿы аргылараҿ ацхыраара ҟаиҵарц.
"Аруаа" рааԥхьараҿы иазгәаҭоуп "атәыла ахадеи аԥыза-министри дара ражәадгала хырҩа ахьарҭаз ҭакԥхықәрадоуп", - ҳәа.
"Ари амчыбжь аҩныҵҟа ҳтәыла анапхгара официалла Урыстәыла ахада В.В.Путин иахь агоспиталь аартразы аҳәара ҟарымҵар, ауаажәлар рнапынҵақәа реизгара ҳалагоит ажәлар рыхьӡала ацхыраара аҳәаразы. Атәыла ахадеи аԥыза-министри COVID-19 иахҟьаны аԥсыҭбарақәа рҭакԥхықәрадара иаҵанакуеит ҳәа иаҳшьоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ареспублика амчрақәа акоронавирус аамҭазы рхымҩаԥгашьа агәынамӡара рнаҭоит.
Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп "ачымазцәа рхыԥхьаӡара иазҳауа ианалага анапхгара аҳәынҭқарратә ҳәаа аартрази аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы аԥкыратә уснагӡатәқәа раԥыхрази аӡбара рыдыркылеит" ҳәа.
"Аҳәаа иахысуаз ауаа COVID-паспорт рымоу ирымаму агәаҭара аҟәыҵра адагьы, ршоура агәаҭараҵәҟьагьы иаҟәыҵит. Аҳәааҿы абжьагаратә шәарҭадаратә уснагӡатәқәа рықәымныҟәара арежим ҩымз рышьҭахь аҭагылазаашьа бааԥс ахь икылнагеит", - ҳәа азырыԥхьаӡоит "Аруаа".
"Аруаа" Аԥсны анапхгара рахь уаанӡа абри аҩыза ааԥхьара ҟарҵахьан цәыббра 24 рзы.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>