Аԥсны АҶА амедицинатә усзуҩцәа Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы иҷаԥшьалоит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниеи аусбарҭа амедицинатә ҟәша аусзуҩцәеи аусутә еилатәара мҩаԥыргеит ашәахьа, жьҭаара 12 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара асистемаҿы амедперсонал разымхара инадҳәаланы Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа ажәалагала ҟаиҵеит Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы Аԥсны АҶА амедицинатә усзуҩцәа ҷаԥшьаларц.

Аԥсны АҶА аобиектқәа рырзҩыдара аҭагылазаашьақәа рыԥсахит

Абри аус иалацәажәан жьҭаара 12 рзы Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниеи аусбарҭа амедицинатә ҟәша аусзуҩцәеи русутә еилатәараҿы.

АҶА амедикцәа раԥхьатәи абригада аҷаԥшьарахь инеит. Дара рнапы ианҵоуп аҳақьымцхырааранӡатәи ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара, COVID-19 адиагноз ззышьақәырӷәӷәоу машьынала рымҩаԥгара.

Уаанӡа, Аԥсны акоронавирус алаҵәара алмыршаразы Аԥсны АҶА амедперсонал Гагра ахәышәтәырҭа аперсонал ирывагыланы Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ауааԥсыра ианахысуаз хылаԥшра арҭон.

Уи адагьы аусбарҭа аусуҩцәа ареспублика еиуеиԥшым аобиектқәа рырзҩыдара мҩаԥыргоит.