Тарас Шамба Москва иԥсҭазаара далҵит

Тарас Шамба — еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ. 2018 шықәса рзы Аԥсны ахада ианеишьеит "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Тарас Шамба акоронавирус ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит Москватәи аԥсуа диаспора.

Шамба 83 шықәса дырҭагылан.

Тарас Мирон-иԥа Шамба — ауаажәларратә усзуҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә ахәаахәҭра-економикатә университет аректор ихаҭыԥуаҩ, Кавказ ажәларқәа Урыстәылатәи рконгресс ацхантәаҩ. 1989 - 1991 шықәсқәа рзы Тарас Шамба СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа-абаза жәларқәа Адунеизегьтәи Рконгресс ахадас далхын. Абри аус дахагылан 25 шықәса инарзынаԥшуа.

Тарас Шамба – аҳәынҭқарреи, адемократиеи, азакәандырреи, азинеиҿкаареи, амилаҭ-ҳәынҭқарра ашьақәгылареи ирызку 300 инареиҳаны ҭҵаарадырратә усумҭа дравторуп.

Тарас Шамба – Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп.

2018 шықәса рзы Аԥсны ахада ианеишьеит аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара "Аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиареи Кавказ ажәларқәа реидкылареи рҟны алшамҭа дуқәа рзы".