Арадио

Цыгәба Тарас Шамба изы: аԥсуаа иаҳзымдыруаз ҳирдырит, аԥсуаа ззымдыруаз идирдырит

Ауаажәларратә аполитикатә усзуҩ Виачеслав Цыгәба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Тарас Шамба иԥсҭазаара иалҵра ажәабжь игәы ҭызшьаауа акәны ишыҟоу.
Sputnik

83 шықәса дшырҭагылаз Москва, акоронавирус ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Тарас Шамба.

 

Цыгәба Тарас Шамба изы: аԥсуаа иаҳзымдыруаз ҳирдырит, аԥсуаа ззымдыруаз идирдырит

"Тарас Шамба даара пату зқәыз ҭҵаарадырратә усзуҩык иаҳасабала, ауаажәларратә усзуҩ иаҳасабала, ҳаҭыр зқәыз иакәны дыҟан. Аԥсны аус иуамызт, аха ара иҟаз ахҭысқәа дрызҿлымҳан. Анапхгараҭараҿы иааиша Аԥсны иреиӷьу аҵеицәа ҳәа зыӡбахә рҳәоз иакәын. Аԥсуаҭҵаара знапы алакыз, имаҷымкәа ашәҟәқәеи, астатиақәеи акьыԥхь иазырбо. Аԥсны раԥхьатәи аконституциа апроект зҩыз дреиуоуп. Зҵаарак умазаргьы, уизасыргьы наукала иҭҵааны аҭак узыҟаиҵон. Иара данстудентыз аамҭа инаркны аԥсуа диаспора Москва аидкылара даҿын. Аԥсуаа иаҳзымдыруаз ҳирдырит, аԥсуаа ззымдыруаз идирдырит", - ҳәа иҳәеит Цыгәба.

 

Тарас Шамба – аҳәынҭқарреи, адемократиеи, азакәандырреи, азинеиҿкаареи, амилаҭ-ҳәынҭқарра ашьақәгылареи ирызку 300 инареиҳаны ҭҵаарадырратә усумҭа дравторуп. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп.

2018 шықәса рзы Аԥсны ахада ианеишьеит аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара "Аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиареи Кавказ ажәларқәа реидкылареи рҟны алшамҭа дуқәа рзы".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: