Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит жьҭаара 15 рзы

Аӡрыжәтә аанкылара мзызс иамоуп Аҟәа ақалақь аҿы Лакоба - Џьонуа рымҩақәа рҿы аӡымҩангага аԥсахра иахьаҿу.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы Лакоба - Џьонуа рымҩақәа рҿы аӡымҩангага ахьырыԥсахуа инамаданы жьҭаара 15 рзы асааҭ 00.00 инаркны 20.00 рҟынӡа аӡрыжәтә аанкылахоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал". 

Ӡрыжәтәда иаанхоит аҳҭнықалақь анаҩсантәи араионқәа: Турбаза, Акомсомолцәа ршоссе, Баҭымтәи амҩа, Ҷанба имҩа, ақалақь агәы, ВИЕМ, Аедыгьцәа рымҩа, авокзал, Ажәытә ҳабла.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" Sputnik иазеиҭанаҳәахьан Аҟәа ақалақь аҿы аӡы лассы-лассы идмырцәаларц азы комплексла аӡымҩангагақәа зегьы рыԥсахроуп ҳәа. Уахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәагьы, аӡеизгарҭақәагьы, аӡымҩангагақәагьы.