АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik. Аполитикатә партиа "Амцахара" аветерантә еиҿкаара "Аруаа" рахь ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьазы ауаа дмыршәаларц.
"Амцахара" ахаҭарнакцәа ргәаанагарала, атәылаҿы иалшо зегьы ҟарҵоит ичмазаҩу рыхәышәтәразы.
"Аҳәамҭа авторцәа (апартиа "Аруаа"- аред.) иахырҟьацәаны ицәажәоит, џьоукы-џьоукы рҭакԥхықәрадара атәыла анапхгара ирықәыжьуа, ауааԥсыра агәынамӡара рызцәырҵыртә иҟарҵоит. Аҳәамҭа ҟаҳҵоит аҿкра аӡәгьы ианивымсуа аамҭазы ишахәҭам ҵаҵӷәы змам ахарадҵара аҟаҵара", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
"Амцахара" аҭак арҭеит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ аан аҳәаа аартын ҳәа иҳәазгьы.
"Ишәгәалаҳаршәоит ааигәаӡа Гагра амитинг аҿы уаанӡатәи атәыла анапхгара рыдгылаҩцәа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахьаркызи аԥкрақәа рыҟазаареи рзы атәыла анапхгара ахара шрыдырҵоз", - ҳәа азгәарҭеит "Амцахара" аҿы.
Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп Аԥсны анапхгара аҽшазнашәо Урыстәылатәи амедицинатә усуҩцәа рааԥхьаразы, ишаԥырҵаз Акоординациатә штаб ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы, аӡбара ишаҿу 500 иара-ҭыԥ иҟоу адәытә госпиталь аартра, аԥкратә уснагӡатәқәа шырӷәӷәо.
"Аруаа" рҳәамҭа – апатриотизм аарԥшреи атәылауаа рзы агәҭынчымреи ракәӡам иззырхоу. Ари ирцәыӡыз архынҳәра ахьрылымшо ахьаа ирнаҭаз ауп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
"Амцахара" ахаҭарнакцәа "Аруаа" ирабжьыргоит аҭагылазаашьа дмырцыхцыхларц, аԥаршеи информациа ауаа ирыладмырҵәаларц, акгьы ахьыҟам акыҟоушәа рымҳәаларц.