"Ачымазара анцәырҵ, Ҭырқәтәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟаҳҵеит ахәшәқәа рганахьала ацхыраара ҳарҭарц, аха усҟан иалымҵӡеит. Ҭырқәтәыла ус еиԥш иҟоу ахәшәқәа адәахьы ирышьҭуамызт, избанзар ачымазара аганахьала аҭагылазаашьа иаҳа еицәан ара. Иахьа аҭагылазаашьа Аԥсны иаҳа иуадаҩуп. Уаатәи аҳақьымцәа ҳзацәажәаз иҳарҳәеит ирҭаху ахәшәқәа. Жәохәымшҟа раԥхьа ҳфедерациеи Ҭырқәтәыла агәабзиарахьчара аминистрреи ҳҽеимаҳдеит, ацхыраара ҳаҳәеит, аиашазы, аҳәынҭкаррагьы ҳадгылеит", - иҳәеит Аҟәысба.
Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иаашьҭу агуманитартә еидараҟны иҟоуп хә-нызқь цыра атестқәа, ахәшәқәа, аԥсыԥ лагаҩагаразы амаҭәахәқәа жәаба, амедицинатә сабрадақәа 50 нызқь цыра. Иҟоуп убасгьы амедицина аусзуҩцәа рзы иҷыдоу асабрадақәа хә-нызқь цыра рҟынӡа ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҟәысба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҭырқəтəылатəи ҳдиаспора акоронавирус аҿагыларазы ацхыраара аанашьҭит