Егзакь Тарас Шамба изы: иус ԥхьаҟа хымԥада иацаҳҵоит

"Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьаз Тарас Шамба жьҭаара 13 рзы Москва акоронавирустә чымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Тарас Шамба иԥсҭазаара зегьы зызкыз абаза жәлар ракәын ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь.

"Тарас Шамба адунеи зегьы аҿы инхо абазақәа реидкыларазы илшамҭақәа рыхәшьара уадаҩуп. Реиқәыԥхьаӡарагьы ҵыхәаԥҵәарада уаҿызаауеит. Ҳара иус ԥхьаҟа хымԥада иацаҳҵоит", - иҳәеит иара.

Ауаҩы ӷәӷәа, ауаҩы лаша, ауаҩ ҟәыш иакәны игәалашәараҿ даанхоит Тарас Шамба.

"Дгәыҭбаан. Иҟәыӷара иабзоураны азҵаарақәа зегьы рҭак иԥшаауан. Ҳаҭыр-пату иқәын. Ауаҩы дыҟазар шакәу абас ауп ҳәа агәра угартә иҟаиҵон", - иҳәоит иара.

Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Тарас Шамба акоронавирус ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит Москва, жьҭаара 13 рзы.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит Тарас Шамба анышә иамадаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵазарц.

Тарас Шамба Москва иԥсҭазаара далҵит

Тарас Мирон-иԥа Шамба — ауаажәларратә усзуҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә ахәаахәҭра-економикатә университет аректор ихаҭыԥуаҩ, Кавказ ажәларқәа Урыстәылатәи рконгресс ацхантәаҩ. 1989 - 1991 шықәсқәа рзы Тарас Шамба СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа-абаза жәларқәа Адунеизегьтәи Рконгресс ахадас далхын. Абри аус дахагылан 25 шықәса инарзынаԥшуа.

Тарас Шамба – аҳәынҭқарреи, адемократиеи, азакәандырреи, азинеиҿкаареи, амилаҭ-ҳәынҭқарра ашьақәгылареи ирызку 300 инареиҳаны ҭҵаарадырратә усумҭа дравторуп.

Тарас Шамба – Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан.

2018 шықәса рзы Аԥсны ахада ианеишьеит аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара "Аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиареи Кавказ ажәларқәа реидкылареи рҟны алшамҭа дуқәа рзы".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Цыгәба Тарас Шамба изы: аԥсуаа иаҳзымдыруаз ҳирдырит, аԥсуаа ззымдыруаз идирдырит