АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәларбжьаратәи афестиваль "Липецктәи атеатртә еиԥыларақәа" аҿы аноминациа "Иреиӷьу актиортә ансамбль" ала Аурыс драматә театр аԥхьахә анашьахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатр адиректор Иракли Хынҭәба.
"Ари ҳара рацәак ҳаигәыӷуамызт, избанзар афестиваль иалахәыз атеатрқәа реилазаара акыр иӷәӷәан, иҟан Москва, Санкт-Петербург рҟынтәи атеатрқәа. Аексперттә хеилак шьақәгылан еицырдыруа атеатр аусзуҩцәеи акритикцәеи рыла. Ахәаԥшцәа рҟны ақәҿиара ду ҳаман ҳәарада, аха апрофессионалцәа асеиԥш ахәшьара ҳарҭап ҳәа ҳаҟамызт. Иреиӷьу актиортә ансамбль аноминациала аԥхьахә аиура – ари ахьӡуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Хынҭәба иажәақәа рыла, аԥхьахә актиорцәа рыдагьы аспектакль знапы алакыз зегьы еицырзеиԥшу ԥхьахәуп.
"Актиорцәа бзианы ихәмаруеит арежиссиортә усура хаҭабзиарала ианыҳараку, аспектакль ахаҭа ишахәҭоу ианеиҿкаау. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит аԥхьахә ҳанашьара. Ари идуу жәларбжьаратә фестивальуп. Еиҳау аҩаӡарақәа рҭаххарахьы иҳаԥхьоит", - ҳәа азгәеиҭеит Хынҭәба.
Жәларбжьаратәи афестиваль "Липецктәи атеатртә еиԥыларақәа" 36-нтә ашәқәа рзаанартит атеатр азҟазацәеи атеатртә ҟазара абзиабаҩцәеи. Аԥсны раԥхьаӡа акәны иалахәын ари афестиваль.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы