Арадио

Ҷкадуаԥҳа еиҭалҳәеит Тҟәарчалтәи аколлеџь аҟны астудентцәа иаҳа азҿлымҳара зырҭо азанааҭ

Тҟәарчалтәи агәыҳалалра-ааглыхратә коллеџь аҵараҟәша аиҳабы Ельвира Ҷкадуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит аколлеџь аҟны аҵара шеиҿкаау.
Sputnik

Тҟәарчалтәи агәыҳалалра-ааглыхратә коллеџь аартын 2003 шықәсазы, араион аҟны иара акзаҵәык ауп иҟоу.

 

Ҷкадуаԥҳа еиҭалҳәеит Тҟәарчалтәи аколлеџь аҟны астудентцәа иаҳа азҿлымҳара зырҭо азанааҭ

"Сынтәа астудентцәа иаҳа имаҷуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит, макьана ааҩык роуп иҭалахьоу. Сара уи здысҳәало Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет сынтәа аҭаларазы алшара зегьы иахьроуз ауп. Макьаназы аколлеџь ахь аҭаларазы адкылара аанкылаӡам. Аҵара ҳалагахьеит, иахьазы аколлеџь иҭоуп 60-ҩык астудентцәа. Дара аҵара рҵоит абарҭ азанааҭқәа рыла: "Автомобилтә транспорт атехникатә маҵзура", "Алагарҭатә классқәа рырҵаҩы", "Аргылаҩ". Ҳара ҳахьахәаԥшуа аргылаҩ изанааҭ иаҳа азҿлымҳара амоуп", - лҳәеит Ҷкадуаԥҳа.

 

Шәазыӡырҩы аудио.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.