Аԥсны ААР игәарҭон ауниверситет аҿы COVID-19 аламырҵәара шалдыршо

Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы Аоперштаб адыррақәа рыла Аԥсны иахьаҵанакуа 2479 COVID-19 хҭыс ыҟоуп. Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы ирхәышәтәуеит 168-ҩык, 18 пациент рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа жьҭаара 15 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы авирус аламырҵәаразы ашәарҭадаратә усқәа ишрықәныҟәо гәарҭон.

Амилициаа аудиториақәа ирыҩналаны ирбон астудентцәа шыртәо, асабардақәа рҿоу ирҿаму. Иакымкәа аудиториа иҩналаны ирбеит, астудентцәеи арҵаҩцәеи ирыҿцәажәеит. Ауниверситет аҿы аԥкрақәа зегьы ишрықәныҟәо азгәарҭеит.

"Асеиԥш аинспекциақәа есыҽны имҩаԥгахалоит. Иахьа лабҿаба иаабеит астудентцәа зегьы асабрадақәа шырҿоу, алекторцәа урҭ ргәырҽанырҵеит аҵараиурҭахь сабрадада анеира шыҟамло азы. Иҟоуп ианырхашҭуагьы, аха урҭ ара ирырҭоит", - ҳәа иҳәеит ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабы Нугзар Чычба.

Иара иазгәеиҭеит арҵаҩцәагьы аԥҟарақәа ирықәныҟәоит, ахыхьчагақәа зегьы рхы иадырхәоит ҳәа.

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа 2479-ҩык коронавирус рыхьхьеит, 1100-ҩык ргәы бзиахеит, 23-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы ирхәышәтәуеит 168-ҩык, 147-ҩык адиагноз COVID-19 рзышьақәырӷәӷәоуп, 18 пациент рҭагылазаашьа хьанҭоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: