"Ԥсахара иахьаҵанакуа Гагра араион аҟны аӡыҭгагақәа ҩыџьара иқәгылоуп, аха сынтәа аарҩара иахҟьаны ауадаҩрақәа ҳамоуп. Аӡеизакырҭаҟны имаҷны аӡы еизоит, убри аҟынтәи еихшаны 4-5 сааҭ аӡы раҳҭоит. Уахгьы-ҽынгьы еиԥҟьарада аӡы ҳазрыҭаӡом. Уи уадаҩра дуны иҳамоуп. Ԥсахара (Колхида) аӡыҭгагақәа ахьықәгылоу Алаҳаӡы иҟоу афымцеихшарҭаҟынтәи алашара неиуеит, аха уажәык зынӡа имаџьанахеит афымца амчхара. Аӡыҭгагақәа аус руртә еиԥш алшара ыҟам. Сақәдыргәыӷит уи азҵаара ӡбахоит ҳәа.
Аӡы заҳҭо зегь рахь схы рханы аҳәара ҟасҵоит ирықәу ауал ршәарц, зегьы зныкала акәымзаргьы. Саргьы ауал сықәуп 7-8 миллион мааҭ афымцамч азы. Атәанчахәытә фонд, махашьахала зылшарақәа ԥку аҷкәынцәа рҿаԥхьа сыԥхашьоит. Ҳара ауал ҳақәуп, арахь ҳара ҳԥара ауаа ирықәуп. Ауаа атәанчахәы сызрымҭо, абылтәы, иаҭаху амаҭәахәқәа сзаамхәо, аусура аанымгылара ада иамуа аҟынӡа снеиуеит. Хәыҷык аилибакаара анҳмоу – иуадаҩуп. Ауаа иҳарҭо аԥара алоуп ҳхы зланыҟәаҳго. Ауаҩы аӡы имоур, аԥара шизмырҳауа дырны, иқәу ауал ишәар ииашоуп, иагьсабаԥуп", - иҳәеит Цыгәба.
Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Иажәхьоу атехникеи хуаадарыла аӡныхреи: избан Гагра аӡы аиура зыпроблемоу
Цыгәба: Гагра мчыбжьыла аӡы ҳамам зҳәо иахьынтәаарго сыздыруам