АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк жьҭаарамзазтәи атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит абанк анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Георги Абыхәба.
"1940 шықәсанӡа ииз ҳтәылауаа атәанчахәы роуеит жьҭаара 16, 19, 20 рзы; 1941 - 1947 шықәсқәа рзы ииз жьҭаара 21, 22, 23 рзы; 1948 - 1950 шықәсқәа рзы ииз жьҭаара 26, 27 рзы; 1951 - 1953 шықәсқәа рзы ииз жьҭаара 28, 29, 30 рзы инаркны; 1954 - 1956 шықәсқәа рзы ииз – абҵара 2, 3, 4 рзы; 1957 шықәса рзы ииз абҵара 5 инаркны", - иҳәеит иара.
Георги Абыхәба иара убасгьы иҳәеит атәанчаҩцәа акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы.
"Ҳара Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа рахь сабрадада уаҩ днаҳашьҭуам. Аусзуҩцәа рхаҭақәагьы арзҩыдагақәа рхы иадырхәоит, асабрадақәа рҿоуп. Аофис хадаҿы ахархәара амоуп кьысрадатәи ашоурашәага", - ҳәа иҳәеит иара.
Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба адырра ҟаиҵеит нанҳәамза инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәқәа Аҵәахырҭатә банк акассақәа рыла ршара ишалаго.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ԥачлиаԥҳа аԥҟара ҿыц ала атәанчахәы азшәаразы: есымша ус ишԥацари, ириашахозар акәхап
Атәанчаҩы аԥҟара ҿыц ала атәанчахәы ашәаразы: ақыҭахь инаргалар бзиан