Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа COVID-19 змоу ачымазцәа аднакыло иалагеит

Акоронавирус змоу ачымазцәа араионтә хәышәтәырҭақәеи Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭеи рҿы рыдкылара аиҿкааразы аӡбара рыдыркылеит жьҭаара 10 рзы Аԥсны Акоординациатә штаб алахәылацәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik. Жьҭаара 14 рзы Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа COVID-19 змоу раԥхьаӡа акәны  ачымазцәа аднакылеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа.

"Зегьы ишаабо еиԥш акоронавирус змоу ачымазцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит. Гәдоуҭатәи агоспиталь зегь рыдкылара алшом. Убри инадҳәаланы Аҟәа ахада Беслан Ешба анапынҵа ҟаиҵеит астационартә клиникақәа рҿы аобсервациатә блокқәа еиҿкаазарц", - лҳәеит лара.

Аобсервациатә блокқәа реиҿкаара ауадаҩрақәа ацлеит аремонт аҟаҵареи иахәҭоу амаругақәа рыла аиқәыршәареи ахьаҭаххаз азы ҳәа азгәалҭеит Воуԥҳа.

Воуԥҳа еиҭалҳәеит COVID-19 зыхьуа Аҟәа рыхәшәтәра шеиҿкаахо атәы

Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа COVID-19 змоу рзы 30 иара-ҭыԥ азнархиеит. Уажәы уа ргәабзиара шьақәдыргылоит 26-ҩык апациентцәа.

"Хҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп, убри азы урҭ Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь иҳашьҭраны иҟоуп. Ачымазара уадаҩрада изхызго аҩны аҳақьым дырхылаԥшлоит, бжьаратәла изхызго ара иаанҳажьлоит. Уажәы азырхиара иаҿуп аобсервациа аҩбатәи ақалақьтә хәыәшәтырҭаҿы", - ҳәа лҳәеит Ирма Воуԥҳа.

Акоронавирус змоу ачымазцәа араионтә хәышәтәырҭақәеи Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭеи рҿы рыдкылара аиҿкааразы аӡбара рыдыркылт жьҭаара 10 рзы Аԥсны Акоординациатә штаб алахәылацәа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>